Аҭынчра иасимволу: Роланд Гамгьиа ибзиабареи иҳәыҳәқәеи

Роланд Гамгьиа 25 шықәса ҵуеит Аҟәа ақалақь ахадара афинанстә усбарҭа аспециалист хадас аус иуеижьҭеи. Иара аҳәыҳәааӡара инапы алакуп.
Sputnik
Роланд Гамгьиа арҭ аԥсаатә хкқәа рахь абзиабара изцәырҵит 30 шықәса раԥхьа. Данқәыԥшыз асахьаҭыхра дазҿлымҳан, аха иара асахьақәа рҭыхра аасҭа аҵысқәа апарпар еиԥш ишәуан. Уи аамҭазы ауп Гамгьиа аҳәыҳәааӡара даналага. Усҟан "иуаҩымаз" аҳәыҳәқәа рыла далагеит, аха нас рыхкқәа хаирҭәаауа далагеит. Иахьа иҳәыҳәҭраҿы 15 хкы аҳәыҳә иҟоуп.
1 / 12

Роланд Гамгьиа арҭ аԥсаатә хкқәа рахь абзиабара изцәырҵит 30 шықәса раԥхьа.

2 / 12

Иажәақәа рыла, аҳәыҳәааӡара бзиа ибаны даҿуп.

3 / 12

Данқәыԥшыз асахьаҭыхра дазҿлымҳан, аха иара асахьақәа рҭыхра аасҭа аҵысқәа апарпар еиԥш ишәуан.

4 / 12

Уи аамҭазы ауп Гамгьиа аҳәыҳәааӡара даналага.

5 / 12

Аҳәыҳәааӡарҭаҟны рыхкқәа хаирҭәаауа далагеит.

6 / 12

Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Роланд Гамгьиа аҳәыҳәқәа рыхкы 30 рҟынӡа еидикылеит.

7 / 12

Раԥхьа аҳәыҳәааӡарҭа Аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак аҟны иман, уи иҭаацәеи игәылацәеи иргәаԥхомызт.

8 / 12

Бжьышықәса раԥхьа Роланд Маҷара ақыҭан адгьыл аахәаны аҩны иргылеит, иҳәыҳәааӡарҭа уахь ииаигеит.

9 / 12

Хәышықәса раԥхьа аҳәыҳәҭрақәа блит.

10 / 12

Мызқәак рнаҩсан Роланд имчқәа еизганы даҽа аҳәыҳәҭрақәа иргылеит.

11 / 12

Иахьа иҳәыҳәҭраҿы 15 хкы аҳәыҳә иҟоуп.

12 / 12

Аҭынчра иасимволу ҳәа иԥхьаӡоу аҳәыҳә хкқәа ирыцлеит аԥсуа жәла змоу аҳәыҳә.