Аԥсны

Аԥсуа тхеквондистцәа 19 медал ириааит Курганинскәи араион аҿы аицлабраан

Атурнир иалахәын 300-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа Краснодартәи атәылаҿацә, Адыгеиа, Ҟабарда-Балкариа рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа ҿарацәа 19 медал ириааит Краснодартәи атәылаҿацәа Курганинсктәи араион аҿы атхеквандо азы аицлабраҿы, абри атәы аанацҳауеит Аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа Аԥснынтәи ирылахәын 12-ҩык атхеквондистцәа, дара иааныркылеит актәи аҭыԥқәа жәаба, аҩбатәи аҭыԥқәа фба, ахԥатәи аҭыԥқәа хԥа апрограммақәа "спарринг"-и "стоп-балл"-и рҿы.
Актәи аҭыԥ азы ҩ-медалк иоуит Сергеи Барцыц. Иара убас актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Дамир Ванаба, Арсен Челикиан, Даниел Манукиан, Роланд Абрамиан, Макар Мумджиан, Камила Папазиан, Ашот Терзиан.

Араӡны иаиааит Армен Пашиан, Альберт Бабаиан, Даниел Манукиан, Рамина Атулиан, Дамир Ванаба, Арсен Челикиан, Макар Мумджиан, Даур Бондарь, Камила Папазиан.

Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Армен Пашиан, Рамина Атулиан, Альберт Бабаиан.
Аԥсны
Гагратәи акикбоксиорцәа Ҟәбина аԥхьахәгареи ачемпионати рҿы аиааирақәа ргеит