АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи ААР ахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит.
"Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адгьылсҵысра иахҟьаны иҭахаз рҭаацәа ирыдышшылоит, аахақәа зауз зегьы иаарласны ргәабзиара шьақәгыларц рзеиӷьаҳшьоит", - ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.
Шьамтәыла агәабзиарахьчара аминистрра аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысраан иҭахеит 284-ҩык, аахақәа роуит 2323-ҩык.