Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла иҭахаз рҭаацәарақәа рахь адышшылара ҟанаҵеит

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Ҭырқәтәыла иҭахеит 912-ҩык, аахақәа роуит 5385-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла иҭахаз рҭаацәарақәа рахь, аԥсуа диаспореи Ҭырқәтәыла ажәлари рахь адышшылара ҟанаҵеит.
"Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы гәалсра дула ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла аԥсыҭбара рацәа, ӷәӷәала аилабгарақәа зцу адгьылҵысра ҟалеит ҳәа ираҳаз ажәабжь ", - азгәаҭоуп аминистр Инал Арӡынба иҳәамҭаҟны.
Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан ԥсыуа ԥҳәыск дҭахеит.
Зымчхара 7,4 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит 04:17 сааҭ рзы апровинциа Кахраманмараш, алада Ҭырқәтәыла аҟны. Адгьылҵысра хада иашьҭанеиит 30 рҟынӡа аҵысра маҷқәа. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 912-ҩык, еиуеиԥшым аахақәа роуит 5385-ҩык. Иара убасгьы Шьамтәыла арегионқәак рҿы аилабгарақәа ҟалеит, 300-ҩык рҟынӡа ҭахеит ҳәа адыррақәа ыҟоуп. Адгьылҵысра рнырит Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҿгьы.
Арадио
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ироуз ааха атәы