Аԥсны

Аԥсны атәылауаа адгьылҵысра рнырит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Аԥсны атәылауаа адгьылҵысра рнырит, абри атәы аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Аинформациатә маҵзура иакьыԥхьыз авидеонҵамҭаҟны иубоит Аҟәатәи ауаҭахқәа руак аҟны алиустра шыҵысуа.
Шәачатәи асеисмостанциа аиҳабы Елена Карпович РИА Новости ишазеиҭалҳәаз ала, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра Шәача анырра анамҭеит, уиаҟара зымчхара дуум адгьылҵысрақәа акурорттә қалақь аҿы шәарҭара шрыцым.
Карпович иазгәалҭеит, адгьылҵысра шыҟалаз лада-мрагыларатәи ашьхақәа рҟны, уи Адгьылбжьамшын ишазаагәоу, Амшынеиқәаҿықә акәымкәа.