Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Смыр ақыҭа аԥсҭазаареи аҽыбӷаҟазареи иазкны

Ҟәланырхәатәи аҽыбӷаҟаза Саид Смыр аҽқәа рахь агәыбылра шышьҭикаази, аҽыбӷаҟазарахь имҩа зеиԥшрази ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
"Ҳаб мыхәҿыла ҳиааӡеит, ақыҭа школ ҳҭан, аха аӡәгьы ҳиҵамхеит. Ақыҭаҿы уаԥсуара уацныҟәан уанынха убжьнахӡом, уалнакаауеит", - азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Смыр.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.