Аԥсны

Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Башар Асад дидышшылеит

Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысраан иҭахеит 403-ҩык, аахақәа роуит 1300-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра инамаданы Башар Асад дидышшылеит.
"Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟалаз адгьылҵысра, уи ишәнаҭаз ааха", - аҳәоит адырраҭаҟны.
Ашәахьа ашьыжь зымчхара 7,7 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла лада-мрагыларатәи ахәҭаҟны. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 1121-ҩык, аахақәа роуит 7634-ҩык. Иара убасгьы Шьамтәыла арегионқәак рҿы аилабгарақәа ҟалеит, адгьылҵысра рнырит Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҿгьы. Шьамтәыла иҭахеит 400-ҩык, аахақәа роуит 1300-ҩык. Асааҭ 13:25 Ҭырқәтәыла агәаҿы змагнитуда 7,7 балл иҟоу адгьылҵысра ҿыц ҟалеит.