Ердоган иҳәеит адгьылҵысраан 912-ҩык шҭахаз, аахақәа роуит 5385-ҩык

Зымчхара 7,4 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит 04:17 сааҭ рзы апровинциа Кахраманмараш, алада Ҭырқәтәыла аҟны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵеит адгьылҵысраан иҭахеит 912-ҩык, аахақәа роуит 5385-ҩык ҳәа.

"Уажәтәи аамҭазы иҭахаз 912-ҩык ыҟоуп, аахақәа роуит 5385-ҩык. Еиқәырхоуп 2470-ҩык", - иҳәеит Ердоган.

Ердоган иажәақәа рыла, 2818 хыбра еилаҳаит.