Арадио

Коӷониа анаплак маҷ аусуреи алашара арцәареи азы: аԥынгылақәа аханатә ирызхәыцлатәуп

Бабышьра аԥсатәааӡарҭа змоу Даур Коӷониа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, афымцалашара арцәара русураҿы ишырныԥшуа, уи ишаиааиуа, насгьы аԥсатәааӡара феидас иамоу атәы.
Sputnik
Ақыҭанхамҩа аҿиара апроект ала аԥсатә ааӡара иаҿу Даур Коӷониа аханатә аус инапы аиркит ихатәы мчқәа рыла.
"Аиашазы, ҳаналагоз ҳазхәыцуан аӡынра ишԥаҟало ҳус ҳәа. Агенератор азгәаҭан иҳаман апроект аҿы, иара иҳамоуп. Ауаҩы уск даналго аԥынгылақәагьы дрызхәыцроуп. Иахьа ҳус аанымкылаӡакәа аус ҳуеит. Ахарџь ҳамоуп абылтәы аганахьала, аха макьана ҳаиааиуеит. 9-ҩык аус руеит, ауалафахәы роуеит", - иҳәеит Коӷониа.
Даур Коӷониа еиҭеиҳәеит, аԥсатә ааӡара иацу акәамаҵамарақәа ртәы, рус азҿлымҳара ахьынӡамоу.
"Ажәлар аауеит. Ашәишәи, акәатақәа, акәытқәа ҳааӡоит, еиҭа иацаҳҵар ҳҭахуп, ача ааӡарҭагьы ҟалоит. Аекзотикатә ԥсаатәқәагьы наҳҵар ҳҭахуп. Асасцәа анааиуа ирбартә иҟаларцаз", - еиҭеиҳәеит Коӷониа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.