Шьамтәыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 237-ҩык рҟынӡа ихалеит

Шьамтәыла Атәылахьчара аминистрра адгьылҵысра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра аруаа аднагалоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Шьамтәыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 237-ҩык рҟынӡа ихалеит, аахақәа роуит 639-ҩык ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Зымчхара 7,4 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит 04:17 сааҭ рзы апровинциа Кахраманмараш аҟны, егьырҭ ақалақьқәа рҟны ахыбрақәа еилаҳаит. Ҭырқәтәыла апровинциақәа быжьба рҟны иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны 76-ҩык ҭахеит 440-ҩык ааха роуит.
Иара убас адырра ҟаҵоуп ааха шыҟалаз Шьамтәыла арегионқәак рҟны, адгьылҵысра рнырит Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҟынгьы.
Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны 76-ҩык ҭахеит