Аԥсны

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз рҭаацәеи ААР-и дрыдышшылеит

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәыла иҭахеит 284-ҩык, аахақәа роуит 2323-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал аль Микдади адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз рҭаацәеи рыхьӡала адышшыларатә шәҟәы наишьҭит.
Зымчхара 7,4 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит 04:17 сааҭ рзы апровинциа Кахраманмараш, алада Ҭырқәтәыла аҟны. Иара убас адырра ҟаҵоуп ааха шыҟалаз Шьамтәыла арегионқәак рҟны, адгьылҵысра рнырит Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҟынгьы. Шьамтәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, адгьылҵысраан иҭахеит 284-ҩык, аахақәа роуит 2323-ҩык.
Шьамтәыла анапхгара адыррақәа рыла, адгьылҵысра ааха ду рнаҭеит ақалақьқәа Алеппо, Латакиа, Хама.