Аԥсны

Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан аԥсуа студентцәа ԥырхага рмоуӡеит

Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны 1651-ҩык ҭахеит, аахақәа роуит 11 119-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ҭырқәтәыла аҵара зҵо аԥсуа студентцәа адгьылҵысраан ԥырхага рмоуӡеит, абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.
Арадио
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ироуз ааха атәы
"Астудентцәа аӡәгьы ааха имоуӡеит, урҭ Стамбул азааигәара ауп иахьыҟоу, дара рзы шәарҭара ыҟам, рҵара иацырҵоит. Ахыбрақәа реилаҳара ишаҿыц иаҿуп", - иҳәеит иара.
Аҩӡба иажәақәа рыла, адгьылҵысраан ԥсыуа ԥҳәыск лыԥсҭазаара далҵит, аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа ааҩык аахақәа роуит. Адыгаа 12-ҩык ҭахеит, 28-ҩык ааха роуит, жәаҩык акыр иӷәӷәоуп.
Аԥсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла иҭахаз рҭаацәарақәа рахь адышшылара ҟанаҵеит