Ҭырқәтәыла адгьылҵысраан иҭахаз рхыԥхьаӡара 1762-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ҭырқәтәыла лада-мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟалаз адгьылҵысра иахҟьаны 1762-ҩык ҭахеит, аахақәа роуит 12 нызқьҩык, абри атәы иҳәеит адгьылҵсрақәеи урҭ раԥырҟәҟәаареи рзы аҭагылазаашьа ҷыдақәа русбарҭа аҟәша аиҳабы (AFAD) Орҳан Ҭаҭар.
"Уажәтәи аамҭазы 1762-ҩык ҭахеит, аахақәа роуит 12 нызқьҩык", - иҳәеит Ҭаҭар абрифинг аҿы иқәгылараан.
Иара иажәақәа рыла, 6,8 нызқь хыбра еилаҳаит.
Ердоган иҳәеит адгьылҵысраан 912-ҩык шҭахаз, аахақәа роуит 5385-ҩык
Ҭырқәтәыла лада-мрагыларатәи ахәҭаҟны зымчхара 7,8 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит 04:17 сааҭ рзы, уи иаҵанакит апровинциақәа быжьба, ахыбрақәа еилаҳаит, ауаа шәҩыла иҭахеит. Ҭырқәтәыла ахада Раџьап Таиип Ердоган иажәақәа рыла, ари аҩыза адгьылҵысра 1939 шықәса раахыс иҟамлацызт. Иара убас адырра ҟаҵоуп ааха шыҟалаз Шьамтәыла арегионқәак рҟны, адгьылҵысра рнырит Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҟынгьы. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Шьамтәыла иҭахеит 590-ҩык, аахақәа роуит 1,4 нызқьҩык.