Ҭырқәтәыла агәаҿы змагнитуда 7,7 балл иҟоу адгьылҵысра ҿыц ҟалеит

Иахьа, асааҭ 10:24 рзы, UTC (13:24 мск) аамҭала Кахраманмараш 59 километра инацәхыкны адгьылҵысра ҟалеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ҭырқәтәыла агәаҿы змагнитуда 7,7 иҟоу адгьылҵысра ҿыц ҟалеит ҳәа аарыцҳауеит асеисмологцәа.
Аханатәтәи адыррала 7,8 балл ыҟоуп ҳәа азгәаҭан, аха нас идыриашеит.
Асааҭ 10:24 рзы, UTC (13:24 мск) аамҭала Кахраманмараш 59 километра инацәхыкны адгьылҵысра ҿыц ҟалеит. Адгьылҵысра ахыҵхырҭа 2 километрак адгьыл иаҵоуп. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 912-ҩык, еиуеиԥшым аахақәа роуит 5385-ҩык. Иара убасгьы адгьылҵысра рнырит Шьамтәыла арегионқәаки Ливан аҳҭнықалақь Беирути.
Ердоган иҳәеит адгьылҵысраан 912-ҩык шҭахаз, аахақәа роуит 5385-ҩык