Аԥсны

Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан ԥсыуа ԥҳәыск дҭахеит

Зымчхара 7,4 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит 04:17 сааҭ рзы апровинциа Кахраманмараш аҟны, егьырҭ ақалақьқәа рҟны ахыбрақәа еилаҳаит. Иара убас адырра ҟаҵоуп ааха шыҟалаз Шьамтәыла арегионқәак рҟны, адгьылҵысра рнырит Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҟынгьы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 6 – Sputnik. Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан ԥсыуа ԥҳәыск дҭахеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа адыррақәа шьаҭас иганы.
Адгьылҵысра ҟалеит Пазарџьык араион Кахраманмараш апровинциаҟны, аҭыԥантәи аамҭа 04:17 рзы. Сааҭыбжак аҩнуҵҟа адгьылҵысра ҟалеит еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны - Адана, Анкара, Анталиа, Газианҭеԥ, Каисери, Мерсин, Трабзон, Шанлыурфа. Аҩнқәа реилабгара азгәаҭоуп Кахраманмараш, Малатиа, Шалыурфа, Газианҭеԥ апровинциақәа рҟны.
Адгьылҵысра иахҟьаны Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҟны иҭахеит 500-ҩык.