Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" агәҽанызаара ҟанаҵоит иазгәаҭамкәан алашара дырцәар шыҟало

Аԥсны иахьаҵанакуа иалагалоуп аамҭеихшала афымцалашара арцәара.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара иахҟьаны алашара арцәара даҽа сааҭк ацлар ҟалоит ҳәа агәҽанызаара ҟанаҵоит "Амшынеиқәафымцамч".
Аԥсны иахьаҵанакуа иалагалоуп аамҭеихшала афымцалашара арцәара.
ЕгрыГЕС абонентцәа уахыки-ҽнаки быжь-сааҭк лашарада иҟоуп. Урыстәылантәи алашара зауа ахархәаҩцәа аамҭеихшала уахыки-ҽнаки х-сааҭк лашарада иҟоуп.