Аԥсны

Гәдоуҭа араион ашьханаараҿ агранатақәеи амцаршәгақәеи рбеит

Гәдоуҭа араион Амжәықәхәа (Агараки) ақыҭа ашьха анаараҿы иԥсаҟьаны икаԥсаз ажәытә џьаԥҳаны рбеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Амцаԥсаҟьагақәа "Шмель", атанкҿагыларатә граната, напылатәи аграната, ашьаҟауаа рҿагыларатә минақәа рбеит Гәдоуҭа араион Амжәықәхәа (Агараки) ақыҭа ашьха анаараҿы иԥсаҟьаны ишкаԥсаз. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭахь аԥшаах азы адырра ҟарҵеит аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Ааҭыԥ ахь инеиз аусбарҭа апиротехникатә ҟәша аџьаԥҳаны ишәарҭам аҭыԥ ахь ииаргеит.