Шәачатәи аолимпиада: жә-шықәса ҵит

Жәабран 7 2014 шықәсазы Шәача раԥхьаӡа акәны аӡынтәи аолимпиатә хәмаррақәа ираҳҭнықалақьхеит.
Sputnik
2014 шықәсазы Шәача имҩаԥысуаз аӡынтәи XXII аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәын 2780-ҩык аспортсменцәа 88 ҳәынҭқарра рҟынтәи.
Урыстәылатәи еизгоу акоманда иалахәын 225-ҩык, аӡынтәи ахәмаррақәа рҭоурых аҟны ари зегь раасҭа хыԥхьаӡара рацәан.
Урыстәыла актәи аҭыԥ аҿы игылоуп зегь раасҭа амедалқәа занашьахаз рыбжьара.