АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа адгьылҵысраан ааха зауз ацхыраара рнаҭоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.
Иара иажәақәа рыла Шьамтәыла еиҿкаауп ауаа ацхыраара рызҭо афонд. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа афонд иахырыԥхьаӡалеит 10 миллионк шьамтәылатәи алирқәа. Ари 100 000 мааҭ рҟынӡа ыҟоуп.
“Ҳара иара убасгьы маҭәа-ҩыҭәала ҳрыцхраауеит. Ирацәаҩӡоуп хыҵакырҭа змамкәа иаанхаз. Атәыла асасааирҭақәеи аотельқәеи урҭ рыдыркылеит", - ҳәа иҳәеит Хәытаба.
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи жәабран 6 рзы адгьылҵысра ӷәӷәа ҟалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахеит хәнызқьҩык рҟынӡа.
Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла макьаназ еилкаам заҟаҩы аилабгаррақәа ирыҵахан иҟоу.
Шьамтәыла адгьылҵысраан аԥсуа-адыга жәлар рхаҭарнакцәа аӡәгьы акгьы имыхьит.