Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәыла ацхырааратә усурақәа мҩаԥыргалоит

Ҭырқәтәыла ахада Редџьеп Таип Ердоган иҳәеит ашәахьаҽны иҟалаз адгьылҵысра 1939 шықәса рахыс реиҳа иӷәӷәаз акәны ишыҟоу.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Ҭырқәтәылаҟа инеиз урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа азыхиоуп уахи-ҽни иниеԥшьны адгьылҵысра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра ҳәа иҳәеит Урыстәыла АҶА ахада иабжьгаҩ Данил Мартынов.
"Гәыԥ-гәыԥла ҳҽаҳшоит, уахи-ҽни аус ааулоит. Иаҳзалкаау аҭыԥ ахь ҳашнеилак ауаа рыԥшаареи ахҟьаԥҟьақәа раԥыхреи ҳрылагоит", - ҳәа иҳәеит Мартынов.
Ҭырқәтәылаҟа инашьҭу аеромобильтә гәыԥ 100-ҩык рҟынӡа аиқәырхаҩцәа рыла ишьақәгылоуп. Дара зегьы аԥышәа ду рымоуп. Асеиԥшқәа раан иахәҭаны иҟоу амыругақәа иара убасгьы акинологцәа ааргеит.
"Ҷыдала иазыҟаҵоу акинологцәеи акинологиатә гәыԥқәеи аагеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҭырқәтәыла агәаҿы змагнитуда 7,7 балл иҟоу адгьылҵысра ҿыц ҟалеит
Иара убасгьы ихианы ирымоуп аеромобилтә госпиталь– ареанимациеи атерапиеи рыҟәшақәа аманы.
7,7 балл зымҽхак ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла, атәыла ахада Редџьеп Таип Ердогана иҳәеит ашәахьаҽны иҟалаз адгьылҵысра 1939 шықәса рахыс реиҳа иӷәӷәаз акәны ишыҟоу.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 2921-ҩык, аахақәа роуит 15 000-ҩык.
Шьамтәыла иҭахеит 700 –ҩык, аахақәа роуит 1430-ҩык.