Аԥсны

Аҟәа ақалақь ахадара агәамсам зларго аидарамҩангага машьына аахәара ргәы иҭоуп

Алашарбага аҳаблан агәамсам еизгарҭаҭыԥ анадыркы, аамҭала агәамсам аизгараз аҭыԥ азалырхит Аҳабла ҿыц атаксопарк аҵакыраҿы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахадара агәамсам зларго 30-куб шьҭызхо аидарамҩангага машьына аахәара ргәы иҭоуп, абри атәы иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Ешба иажәақәа рыла, аидарамҩангага машьына дуқәа хԥа, ҽнак ҩынтә Гал агәамсамкаԥсарҭахь ишбжьысуагьы еихьӡаӡом. Амашьына ҿыц аархәар шә-кубометрак зныкала ибжьыргон.
"Ҳара еилаҳкаауеит ақалақь аҩнуҵаҟа ари аҩыза агәамсам еизакырҭа агәынамӡарақәа шцәырнаго, еиҳарак Аҳабла ҿыц иаланхо ауаа. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит арантәи лассы иқәаагартә еиԥш. Сгәы иаанагоит хԥа-ԥшьба мзы рыла ари аус аҭыԥ иқәҵахап ҳәа. Ҳгәы иҭоуп аидарамҩангага машьына дук аахәара", - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.
Ҽнак иалагӡаны аҳҭнықалақь аҟны зқь-кубометра агәамсам еизыргоит, аԥхын 1,5 нызқь еиҳахоит.
Ешба иҳәеит аҭагылазаашьа аҽшаԥсахуа Кациқыҭ агәамсамеизакырҭа ҿыц аусура ианалагалак. Иара аусура иалагаран иҟан 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы, аха агәамсамеихшарҭа цәаҳәақәа раагара ахьеиԥҟьаз азы ииагоуп 2023 шықәса мшаԥымза ашҟа.
Аԥсны
Кациқыҭ агәамсамеизакырҭа аусура ианалаго азгәаҭоуп