Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа иақәыз ауал 21 миллион мааҭ ашәеит

Аԥыза-министр Александр Анқәаб аилацәажәара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, "Аԥсныфармациа" адиректор Рустам Адлеиба алархәны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа иақәыз ауал 30 миллион аҟынтәи 21 миллион мааҭ ашәеит ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан агәабзиарахьчара аусхк аҟны ахықәкытә программақәеи ауснагӡатәқәеи ԥарала реиқәыршәара азҵаара.
Александр Анқәаб агәабзиарахьчареи афинансқәеи рминистррақәа рнапы ианиҵеит иаанхаз ауал ашәаразы аихшанҵа аздырхиарц.
Делба иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла амедусҳәарҭақәа рҿаԥхьа иҟаз ауал ашәаразы ишынашьҭу 33 миллион мааҭ.
Аилацәажәараҿы иазааҭгылан акьыбачымазараз Ареспубликатә хәшәтәырҭа ачымазыҩцәа ахимиотерапиаз ахәшәқәа рыла реиқәыршәара азҵаара.