Аԥсны

Аԥсны атәылауаҩ 100 кьылак рҟынӡа абҩа Урыстәылаҟа аиагара зҽазызшәоз дынкылоуп

Аԥснынтә Урыстәылаҟа ицоз амашьынаҿ аҳазалхыҩцәа ирбеит 118,6 кьыла аԥшшәы змоу аметалл.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ жәабран 7 рзы закәаншьаҭада ареспублика иалигарц иҽазишәеит 118,6 кьыла абҩа. Абри атәы аанацҳауеит Аҳазалхратә еилакы апресс-маҵзура.
Иаанкылоу зыԥсҟы икыз амашьынаҿ аҳазалхыҩцәа ирбеит 118,6 кьыла аԥшшәы змоу аметалл.
Административтә зинеилагараз аматериалқәа нашьҭуп аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.