Аԥсны

Аҳәынҭдума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Аԥсны Аидгылатә ҳәынҭқарра алалара аҭаххара ахәшьара аиҭеит

Имаҷымкәа аҳәынҭқаррақәа Урыстәылеи Беларуссиеи рахь аинтеграциатә процессқәа ринтерес рымоуп, аинырратә ҭагылазаашьақәа ирызхәыцтәуп ҳәа иҳәеит Борис Чернышов.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аԥсны аинтеграциатә ҭаххарақәа азхьаԥшра рыҭалатәуп ҳәа иҳәеит Аҳәынҭдума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Чернышов апроект "Многополярность" аинтервиу аҭо.
Иара иазгәеиҭеит арҭ апроцессқәа рҿы илагала шырацәоу Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Москва адепутатцәеи еиуеиԥшым аусбарҭақәа рхаҭарнакцәеи иареи аиҿцәажәарақәа шымҩаԥиго.

"Иарбан ԥшьгамҭазаалак аҭаххара адгылара аҭатәуп. Ауаа уара иуыцыҟазар рҭахызар, иуҩызцәазарц, улахьынҵа уцеиҩыршарц агәаҳәара рымазар, рыгәҭасра акәымкәа унапы рыкәыршатәуп", - ҳәа иҳәеит Чернышов.

Иазгәеиҭеит, аиныррақәеи адԥхьаларақәеи шракәу имҩаԥгалатәу, аӡәы аӡәгьы дшимжьо, ламысцқьала дшизыҟоу шаарԥшлатәу.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Кобахьиеи Ԥлиаԥҳаи Аидгылатә ҳәынҭқарра иазкны