Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ахсалԥҳа адгьылҵысрақәа ирызкны

Аԥсны аекологиа аинститут аусзуҩ Асида Ахсалԥҳа арадио Sputnik иалҭаз аинтервиу аҿы Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟаз адгьылҵысра ахҳәаа алҭеит, илҳәеит Аԥсны ари аԥсабаратә цәырҵра аҟынтә иахьынӡахьчоу.
Sputnik
Ҳашьҳақәа ҿоуп аҟынтә Аԥсны ацәыхьчам адгьылҵысра, аха убри аан амшын иаԥну атәылақәа рҿы уи амчхара дуум, ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ арадиоефир аҿы.
"Ермантәыла, Азербаиџьан, Ҭырқәтәыла, Қырҭтәыла, адгьылҳәазара архипелаг ҳәа иашьҭоуп. Адгьылҵысра амплитуда уахь иаҳа иҳаракуп. Ҳашьхақәа ианрызҳауа ирхылҵуа аенергиа адгьыл арҳәазоит. Аӡиа Риҵагьы ҟазҵаз абас еиԥш иҟаз ацәрыҵрақәа роуп", - ҳәа лҳәеит Ахсалԥҳа.
Аԥсны ацәыхьчаӡам адгьылҵсра, аха амшын иазааигәоу адгьылқәа рҿы урҭ рымчхара рацәам ҳәа азгәалҭеит аҵарауаҩ.
"Тҟәарчал адгьыл ԥсычуп аибаркразы, адгьыл ҵысрагьы уа иаҳа ианыԥшуеит. Уажәтәи ацәырҵра мшынла иааит, уи ауп ҳтәыла ауааԥсырагьы изгәарҭазгьы", - ҳәа лҳәеит Ахсалԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.