Аԥсны

Аҳауатә цәаҳәа "Баӷмаран-2" аԥхасҭа аиуит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Аҳауатә цәаҳәа "Баӷмаран-2" аҟны аиԥҟьара ҟалеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Ари афымцацәаҳәа аҟынтәи алашара роуеит астаниа маҷқәа "Аҟәа-2" "Баслаҭа", "ИЭПиТ".
Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥахь амҩа иқәлеит аусутә гәыԥ.