АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны аганахь ала ахымҩаԥгашьа еицакра ақәым, Қарҭи иареи реизыҟазаашьа ҭышәынтәаларгьы ҳәа иҳәеит Аҳәынҭдума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Борис Чернышов апроект "Многополярность" аинтервиу аҭо.
"Ҳара ҳзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҩызара адагьы еишьцәак реиԥш иаҳзыҟоуп. Арҭ атәылақәа адгылара, ацхыраара рыҭаразы акыр алагала ҟаҵоуп. Ҳгәыӷуеит даргьы ҭакла иаҳзыҟоуп ҳәа. Ус ишыҟоугьы убарҭоуп", - иҳәеит иара.
Чернышов иҳәеит Москва Аԥсны аҩнуҵҟатәи апроцессқәа ахәшьара шырнаҭо ҵоурала, еицырзеиԥшу апроектқәа жәпакы шымҩаԥысуа.
Иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла пату шақәнаҵо Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра, ишеилнакаауа ԥхьаҟа арҭ атәылақәа ақәҿиарақәа шырзыԥшу.