Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Харьков авиазауад ацехқәа еилаԥырыххааит

Азауад аҿы адронқәа дырҿыцуан, урҭ рзы аџьаԥҳаны ҭрыжьон.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Харьков авиациатә ааглыхра азауад ацехқәа еилаԥырыххааит. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Харьков ақалақь аҿы авиациатә ааглыхра зауад ацехқәа еилаԥыххаауп. Азауад аҿы идырҿыцуан адронқәа, урҭ рзы аџьаԥҳаны аԥырҵон", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭа иаанацҳауеит аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла УАМ артиллериатә ҟәшақәа 74 ааха рырҭеит, 123 раион рҿы ауааԥсыреи атехникеи ааха рыҭоуп ҳәа.
ДЖәР аиланхарҭа Красногоровка аҿы ааха аҭоуп УАМ 79-тәи адесант-жәыларатә бригада аштаб.
Урыстәылатәи ПВОқәа уахыки-ҽнаки рыла икарыжьит аицҭырҟьаратә система HIMARS 11 реактивтә хгәыцә.
Купиантәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ 14-тәии 92-тәии амеханизациа зызуу абригадақәа. Ишьуп 35-ҩык аибашьцәа, иҭархоуп кәылӡмашьынак, автомашьынак.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Арбџьармчқәа Угледар украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ԥыржәеит
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы ааха рыҭоуп УАМ амеханизациа зызуу 66-тәи арҟәша, 25-тәи аҳаир-десанттә бригада, 95-тәи адесант-жәыларатә бригада, 81-тәи аеромобилтә бригада. Ишьуп 130-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, иҭархоуп аршьаҟауаа рмашьына, акәылӡмашьынақәа хԥа, РСЗО "Град" ашьақәгыла, амеханизациа зызуу 66-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Донецктәи ахырхарҭаҿы ажәыларақәа раан иҭархоуп 140-ҩык инареиҳаны украинатәи аруаа, танкк, апикапқәа хԥа, автомашьынақәа хԥа, агаубица "Мста-Б", аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы авиациеи артиллериеи ааха рырҭеит амеханизациа зызуу 72-тәи, актәи атанктә, 35-тәи амшыншьаҟауаа рыбригадақәа. Иҭархоуп 75 украинатә еибашьцәа, танкк, аршьаҟауаа рмашьына, автомашьынақәа ҩба, аџьаԥҳани абылтәи рышьҭаҵарҭақәа хԥа.
Херсонтәи ахырхарҭала Херсонтәи аобласт аиланхарҭа Ольговка аҿы иҭархоуп УАМ аминаршәгатә расчот.