Аԥсны

Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыцхыраара рыдыргалеит

Змагнитуда 7,7 иҟаз адгьылҵысра иахҟьаны Ҭырқәтәыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 8,5 нызқьҩык инаӡахьеит, Шьамтәыла - 1,2 нызқьҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Аԥсны гәалсрыла ирыдыркылеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз арыцҳара ду, уахь ацхырааразы аиқәырхаҩцәа рышьҭра ҳазхиоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
"Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рахь агуманитартә цхыраареи аиқәырхаҩцәеи рышьҭраз алшара ҳамоуп", - ҳәа иҳәеит Шамба.
Иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак ҷыда Ибраҳим Аҩӡба ҭырқәтәылатәи амчрақәа ҳацхыраара шрыдеигалаз. Аԥсны АҶА еиҿнакаахьеит иуадаҩ аҭагылазаашьақәы рыҟны аусура зылшо аиқәырхаҩцәа ргәыԥ.
Шамба иҳәеит, Ҭырқәтәылатәи амчрақәа ақәшаҳаҭымхаргьы, Аԥсны ҳадиаспора рахь ааԥхьара ҟанаҵар шалшо хыҵакырҭада иаанхази, ахәыҷқәеи аҳәсеи шрыдыркыло азы.
Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара аанызқьҩык иреиҳахахьеит