Аԥсны

Адгьылҵысра ааха знаҭаз ауаа рыцхрааразы Аҳәынҭфилармониаҿы агәыҳалалратә концерт ҟалоит

Агәыҳалалратә концерт еиҿыркаауеит Акультура аминистрреи Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аилаки.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥгахоит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи адгьылҵысра иахҟьаны арыцҳара иақәшәаз ауаа рыцхырааразы агәыҳалалратә концерт. Абри атәы аанацҳауеит Акультура аминистрра апресс-маҵзура.
Агәыҳалалратә концерт мҩаԥгахоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ асабша, жәабран 11 асааҭ 18:00 азы.
Афилармониа ахыбраҿы иргылахоит досу илшо зҭеиҵар ауа акәалаԥ. Уи адагьы, аԥарахыԥхьаӡалара алшоит онлаинла. Уи азы апост аҿы иарбоу ахыҵхырҭахь инеитәуп.
Аԥсны
Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьрырҭаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа
Жәабран 6 рзы Ҭырқәтәыла апровинциа Каҳраманмарашь зымчра 7,7 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. Арыцҳара Ҭырқәтәыла аиԥш Шьамтәыла, Ливиа ирнырит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иҭахеит 13 000-ҩык инареиҳаны, Шьамтәыла иҭахеит 3 000-ҩык.