Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу Иемен ацҳаражәҳәаҩи Мрагылара Ааигәеи Аԥсни реинырра иалацәажәеит

Уаанӡа имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Афганисҭан Ацҳаражәҳәарҭа аделегациеи реиԥылара. Аиԥылараҟны Аԥсни Мрагылара Ааигәа атәылақәеи реизааигәахара арҭбаара алыршара иалацәажәан.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Иемен ацҳаражәҳәаҩ Абдалла Али Сабрии онлаин-еиԥылара рыман ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа Амедиацентр.
Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика адәныҟатәи аполитикаҿ аҵак ду шамоу Мрагылара Ааигәа атәылақәа рзааигәахара ахырхарҭа.

"Мрагылара Ааигәа атәылақәеи ажәларқәеи аҭоурых ду рымоуп, аекономикатә лшарақәа рымоуп. Убри инадҳәаланы акраҵанакуаны иаҳшьоит ҩ-ганктәи ганрацәалатәи аиныррақәа рышьақәыргылара. Уи адагьы ҳара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны ахырхарҭарацәатә система ҳадгылаҩцәоуп", - иҳәеит Арӡынба.

Иемен ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит ахәаахәҭра-економикатә усхк аҟны аизыҟазаашьақәа рырҿиара ринтерес шимоу.
Аԥсны
Аԥсны ААР аҿы афганисҭантәи аделегациа ирԥылеит