Аԥсны

Аԥсны ААР аҿы афганисҭантәи аделегациа ирԥылеит

Аиԥылараҟны ирзааҭгылан арегионалтә шәарҭадара, ЕАА Афганисҭан аҟазаара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра, Аԥсни Мрагылара Ааигәа атәылақәеи реизааигәахара арҭбаара.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Адәныҟатәи аусқәа рмедиацентр аҿы имҩаԥысит аминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Афганисҭан Ацҳаражәҳәарҭа аделегациеи. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Аԥсны азыхиоуп ҳаҭырқәҵаралатәи аиҿцәажәарақәа, ҳәарада Урыстәыла алархәны. Агәра аагоит шәтәылаҟны аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу. Уи арегионалтә шәарҭадара зегьы азы аҵакы амоуп. Ҳара Мрагылара Ааигәа аус ацура астратегиа ҳадгылаҩуп", – иҳәеит Инал Арӡынба.
Аделегациа Аԥсныҟа иааит арегионалтә шәарҭадара, ЕАА Афганисҭан аҟазаара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра, Аԥсни Мрагылара Ааигәа атәылақәеи реизааигәахара арҭбаара алыршара алацәажәаразы.
Кабули Аҟәеи рыбжьара аиныррақәа рымҩаԥгаразы Афганисҭанҟа амҩа иқәлеит Аԥсны ААР аделегациа.
Аԥсны
Инал Арӡынба Мраҭашәара атәылақәа Аԥсны аганахь ала рполитика ахҳәаа аиҭеит