Аԥсны

Аԥсны ААРи АШәМи афымцаобиектқәа рҿы адиверсиа ҟалар алшоит ҳәа аинформациа ҭырҵаауеит

Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи афымцаобиектқәа рҿы адиверсиа ҟалар алшоит ҳәа аинформациа ҭырҵаауеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи афымцамчтә инфраструктура аобиектқәа рҿы адиверсиа ҟалар алшоит ҳәа аинформациа ҭырҵаауеит", - ҳәа аҳәоит адырраҭара.