Ари амчыбжь азы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа ихацдыркит араионқәеи ақалақьқәеи рҿы акриптоԥарарҳара аанызкло агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа. Араионқәа рхадацәа ракәзар, адҵа рзықәгылоуп ақыҭақәа рхадацәа ари азҵаара аганахьала ирывагыларц. Акриптоԥарарҳаҩцәа раарԥшразы ақыҭақәа рхадацәа ирылшо, рымч зқәымхо атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәлиа.
"Ҳара иҳамам алшара аҩнаҭақәа ргәаҭаразы, акык-ҩбак ыҟазар ҟалап, аха идуу аферма ҳәа Ҷлоу ақыҭа иҟам. Ара иаҳа имариоуп, избанзар зегьы ҳаибадыруеит, џьара акы ыҟазар, иныҵыҩ-ааҵаҩны иумаҳар ауӡом, аферма ду ҳәа акгьы ыҟам", - иҳәеит Сангәлиа.
Иара иазгәеиҭеит аӡын, ауаа фыцлашарада иантәоу, аԥхарра анрымам аамҭазы ахдырра аус амур, аҭагылазаашьа алҵра шзалыршамхо. Убасгьы еиҭеиҳәеит афымцалашара ахә ахшәаара зеиԥшроу ақыҭаҟны.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳарц шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.