Аԥсны

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьрырҭаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа

Агуманитартә цхыраара нажәгар ҟалоит Аԥсны АҶА аофис хадахьы (Аконфедератцәа рымҩа, 12).
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьырзеизыргаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа, Аԥсны АҶА аофис хадаҿы ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ирыдыркылоит реиҳа зыда ԥсыхәа ыҟам: амаҭәа ԥхақәа, ахызақәа, афымцарԥхагақәа, ақьалақәа, ма амшьамбақәа, аӡрыжәтә, акраамҭа иԥхасҭамхо афатә, ахрыӷқәа, ахрыцқьага маҭәашьарқәа.
Иара убасгьы Акультура аминистрра ирыланаҳәеит агәыҳалалратә концерт (Аԥснытәи афилармониа, жәабран 11 асааҭ 18.00). Досу иоуеит алшара илагаламҭа аҟаҵаразы.
Жәабран 6 рзы Ҭырқәтәыла апровинциа Каҳраманмарашь зымч 7,7 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит. Арыцҳара Ҭырқәтәыла аиԥш Шьамтәыла, Ливиа ирнырит. Адгьылҵысра ахыԥша Аԥснынӡагьы иааӡеит.
Зқьыла ахыбрақәа еиларбгоуп. Аиқәырхаҩцәа иахьа уажәраанӡагьы ауаа аилабгарақәа ирыҵыргоит. Ацхыраараз уахь инеит егьырҭ атәылақәа. Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа аус руеит Каҳраманмарашь иахьаҵанакуа.
Дамаск иҟоу аԥсуа цҳаражәҳәарҭа цхыраагӡак аҳасаб ала 10 миллионк шьамтәылатәи алир (100 000 мааҭ инареиҳаны) аларгалеит.
Аԥсны
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыцхыраара рыдыргалеит