АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аоперативтә дыррақәа рыла, жәашықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны еиҿкаауп анаркоканалқәа жәаба ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Аԥсны ААР анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшразы аусбараҭа аиҳабы Асҭамыр Ԥачалиа.
Аиҳарак анаркотикқәа аларгалоит Урыстәылантәи.
Ԥачалиа иажәақәа рыла, иҟоуп Урыстәылантәи Аԥсныҟа атранзит зхы иазырхәо аетникатә гәыԥқәа – Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Азербаиџьан ртәылауаа.
"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳусура еиҳа еиӷьхеит, иоперативтәхеит. Уи убартә иҟоуп. Уаанӡа шықәсык аҩнуҵҟа 5-6 гәыԥ аанаҳкылозар, уажәы 20 рҟынӡа гәыԥ наҳкылоит, ирылаҳхуа анаркотик "метадон" шықәсқәак раԥхьа 200-300 грамм ракәзар иҟаз, ииасыз ашықәс ԥхынҷкәынмзаз мацара кьылак рымаҳхит", - иҳәоит Ԥачалиа.
Иара иазгәеиҭеит анаркоканалқәа реиҿкааҩцәа реиҳараҩык ареспублика анҭыҵ ишыҟоу.
"2022 шықәсазы анаркокуриерцәеи ашьҭаҵаҩцәеи рыдагьы анаркоканалқәагьы аарԥшын. Мышқәак раԥхьа шьҭаҵаҩык иаанкылараан еицырдыруа диллерк иӡбахә еилаҳкааит. Уи официалла иԥшаара ҳашьҭан. Аха иара иахьазы Дубаи дыҟоуп. Ари проблемоуп", - Ԥачалиа иажәақәа аанагоит "Аԥсныпресс".