АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Аԥсуа диаспора иеиуоу ҩыџьа ҭахеит адгьылҵысраан ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрахим Аҩӡба.
Еиуеиԥшым ахәрақәа роуит ааҩык, аԥсуа қыҭақәа рҿы абгарақәа маҷуп ҳәа иҳәеит Аҩӡба.
"Аԥсны азыхиоуп хыҵакырҭада инхаз рыдкылара. Абри атәы уаанӡа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Уи ҳара ҳџьынџьуаа ираҳҳәеит. Уажәы абри ахырхарҭала аусурақәа цоит", - иҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.
Иара Аԥсны ауааԥсыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵо ацхырааразы, иазгәеиҭеит аԥсуа диаспора еилаԥыххау ақалақьқәа ирылаланы агуманитартә цхыраара шыҟарҵо.
"Раԥхьа ирыланы аԥсуа-адыга диаспора ҳрыцхраауеит. Аԥснынтәи агуманитартә цхыраара ҳазыԥшуп, иаргәаҟуа ирзаҳшоит", - иҳәеит Аҩӡба.
Иара иажәақәа рыла, ауаа афатә-ажәтә, аӡы, амаҭәа ԥха иаргәаҟуеит.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Ҭырқәтәыла адгьылҵысра иахҟьаны иҭахаз рхыԥхьаӡара 18 нызқь рҟынӡа инаӡоит, аахақәа роуит 70 нызқьҩык. Шьамтәыла – 3 000-ҩык ҭахеит.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб инапы ианҵоуп Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра агуманитартә цхыраара рыҭара аиҿкаара.
Жәабран 9 рзы Аԥсны АҶА аофис хадаҿы иаадыртит агуманитартә цхыраара адкыларҭатә ҭыԥ.
Ареспублика аҳәамҭа ҟанаҵеит аиқәырхаҩцәа рышьҭра ишазыхиоу азы.