Аԥсны

Инал Арӡынба Сергеи Лавров Адипломатиатә усзуҩ имш идиныҳәалеит

Есышықәса, жәабран 10 рзы, Урыстәыла иазгәарҭоит Адипломатиатә усзуҩ имш.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынба Адипломатиатә усзуҩы имш инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изишьҭит.
"Агеополитикатә ҭагылазаашьа уадаҩқәа рзы ахәшьара уадаҩуп Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәыла аинтересқәеи апозициеи рыхьчареи жәларбжьаратәи аренаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәареи русхк аҿы алагаламҭақәа" ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ахә ҳаракны ишыршьо Аԥсни Урыстәылеи рыстратегиатә партниорреи реиҩызареи, уи аизырҳараҿы Сергеи Лавров хаҭалатәи илшамҭақәеи.