Аԥсны

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа рмемориалтә ӷәы ахькыду аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит жәабран 10 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2013 шықәсазы иҭахаз Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны.

"Иахьа, есышықәса ишыҟаҳҵало еиԥш, иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсны аус зуаз, змаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан 2013 шықәса цәыббрамзазы иҭахаз Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа. Вишерниоваа рҭаацәара рҭахара иунарбоит адипломатиатә маҵзура ашәарҭарақәа шацу, уи адәныҟала иҭынчушәа ишубогьы", - ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.

Уаанӡатәи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба иҳәеит Аԥсни Урыстәылеи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шрымоу.
"Иахьа акыр иуадаҩу аамҭазы, адунеитә система аҽеиҭакра иаҿуп. Украинатәи ахҭысқәа иаадырԥшуеит иаҳҩызоуи иҳаӷоуи. Ишырҳәо аиԥш, аҩыза данудыруа ацәгьараҿ ауп. Аԥсны ажәлар Урыстәыла ажәлар ирывагыланы ирыхьчоит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан ҳабацәеи ҳабдуцәеи рхы зқәырҵаз апринципқәа", - иҳәеит иара.
Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа рмемориалтә ӷәы ахькыду аҭыԥ аҿы ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит жәабран 10 азы.
1 / 7

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

2 / 7

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

3 / 7

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

4 / 7

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

5 / 7

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

6 / 7

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

7 / 7

Урыстәылатәи адипломатцәа Дмитрии Ольгеи Вишерниоваа ргәаладыршәеит Аҟәа

"Гәык-ԥсык ала шәзанааҭтә ныҳәа шәыдысныҳәалар сҭахуп. Аныҳәа амш шьаҭаркын 2002 шықәсазы. Ари арыцхә баша иалкаау рыцхәӡам. Иван Грозны иаамҭақәа раан аои аҽны ишьаҭаркын ацҳаражәҳәаратә усԥҟа. Зегьы ишәзеиӷьасшьар сҭахуп имариам ҳаамҭаз агәамч, азанааҭтә қәҿиарақәа", - иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аԥхьа днаргыланы иколлегацәа зегьы ишрыдныҳәалаз.
"Ҳара иахьа иаҳгәалаҳаршәоит Вишерниоваа. Даҳгәалаҳаршәоит Андреи Карлов (2016 шықәса ԥхынҷкәын 19 азы Ҭырқәтәыла иршьыз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ - аред.). Иареи сареи ҳаибадыруан. Иџьабаа сыдын", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Дмитри Вишерниов иеихсны дыршьит цәыббра 9 2013 шықәса рзы Аҟәа. Адипломат иԥҳәыс Ольга Вишерниова илоуз ахәрақәа ирхырҟьаны ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит цәыббра 14 рзы.
Апрокуратура хада аофициалтә ҳәамҭаҿы урҭ рышьра иалахәуп Исхан Сабанчиеви Иусуп Лакаеви ҳәа адырра ҟарҵеит.
2013 шықәса цәыббра 9 рзы зыԥсҭазаара иалхыз Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ, авице-консул Дмитри Вишерниови иԥшәмаԥҳәыс Ольга Вишерниови рмемориалтә ӷәы кыдҵоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны 2018 шықәса, жәабран 8 рзы.
Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҟны Вишерневаа рмемориалтә ӷәы кыдҵоуп