Аԥсны

Ҭаҭарсҭантәи аҳазалхыҩцәа закәаншьаҭада Аԥснынтәи иалагалаз амашьына ааныркылеит

Ҩ-миллионк мааҭ аҳазатә шәарақәа имшәаразы, ахаҵа адокументқәа рҿы иазгәеиҭеит амашьынақәа жәларбжьаратәи амҩангарақәа иазырхазшәа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik. Ҭаҭарсҭантәи аҳазалхырҭаҿ идырбаандаҩит закәаншьаҭада, ԥаршеи документла Аԥснынтәи Урыстәыла иалагалаз автомашьына, абри атәы аанацҳауеит Ҭаҭарсҭантәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Амашьына "Mercedes-Benz E500" Урыстәыла алагаларазы, 34-шықәса зхыҵуа ахаҵа аҳәаахьчаҩцәа ириҭаз адокументқәа рҿы иазгәеиҭеит амашьынақәа жәларбжьаратәи амҩангарақәа иазырхазшәа.

"Уи ашьҭахь, амашьына аԥшәма ихала ашәҟәы иҭагалаз аԥсуа номерқәа аказахтә номерқәа рахь ииаигеит",- иҳәеит Ҭаҭарсҭантәи аҳазалхырҭа аиҳабы иҳаҭыԥуаҩ Валери Хренов.
Ишәам аҳазатә шәарақәа 2,5 милл мааҭ иартәоит. Ашьаус хацыркуп, аусҭҵаара мҩаԥыргоит.
Аԥсны
Адлертәи аӡбарҭа Аԥснытәи амашьынақәа закәаншьаҭада рхархәараз аус иахәаԥшуеит