Аихамҩаҿы Аҟәа инаркны Очамчыранӡа ауп еиҳарак апроблемақәа ахьырацәо, аха иааиԥмырҟьаӡакәа аусурақәа ҳарҿуп иҳәеит Ҟәыруа арадиоефир аҿы.
"Ааигәа иаагаз амагистралтә аԥхараныҟәазы амҩа ӷәӷәазароуп. Амҿтәы шпалақәа ахьыҟоу аҭыԥқәа ԥсахтәын. Ԥсоу инаркны Аҟәанӡа амҿтәы шпалақәа ахьыҟоу ҭыԥ ыҟаӡам, зегьы иӷәӷәоу, узықәгәыӷуа аихабетонтә рыла иԥсахуп. Аҟәа инаркны Очамчыранӡа акәзар, акы-ҩба ҭыԥк рҿы иаанымхазар, егьырҭ зегьы ԥсахуп. Иаанхазгьы мызкы-ҩымз рыла иԥсаххоит", - иҳәеит Ҟәыруа.
Леонид Ҟәыруа еиҭеиҳәеит, иаарласны Гәдоуҭатәи абаӷәаза ахыбра аԥсахра шрыгәҭаку. Урҭ аусурақәа мҩаԥгахоит аусбарҭа ахатә харџь ала, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.