Арадио

Адлеиба ашәарыцаразы: иагҳажьқәо рацәахо иалагеит

Сынтәа Аԥсны ашәарыцара шымҩаԥысуа, аԥсабара хылаԥшрас иамоу, ашәарах ҳаамҭазы ишазныҟәо арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Отаԥ инхо ашәарыцаҩ Ҭенгьиз Адлеиба.
Sputnik
Ашәарыцаҩ иазгәеиҭеит иҿара шықәсқәеи иахьеи еиҿурԥшуазар, ашәарах акыр ишмаҷхаз. Уи игәаанагарала абнаҟны иахәҭам ахымҩаԥгашьеи, аԥстәқәа иахьырмеиҷаҳауеи ирыхҟьоит, иара убасгьы ашәарах ачымазара анрылало ыҟоуп. Убас ҵыԥх иҟаз ачымазара иахҟьаны абынҳәақәа ԥсны ирԥыхьашәон ашәарыцаҩцәа.
"Ачымазарагьы аԥықәслара анаҭоит, иара ҳаргьы ианаамҭам ҳахьышәарыцуа иҽеимкәа ирныԥшуеит, аԥҟара ҳацымныҟәар, аԥхьаҟа зынӡагьы имаҷхоит ашәарах иахьа избо ала…Аԥыхьа еиԥш пату ақәҵаны, анкьа аиҳабацәа шышәарыцуаз еиԥш иҟам, иагҳажьқәо рацәахо ҳалагеит. Уи ҳара иаҳхароу, аамҭа ус иҟалоу сыздыруам", - иҳәеит Адлеиба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.