Ҩымш рыла адгьылҵысрақәа хԥа азгәаҭан Қырҭтәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҟны

Ааха заузи аилыбгарақәеи рзы макьаназы адыррақәа ыҟам.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Амҽышаҽны, Қырҭтәыла зымчхара 4,4 - 3,3 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит, абри атәы аанацҳауеит асеисмилогиа ахылаԥшразы Амилаҭтә центр.
Асабша ауха зымчхара 4,3 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Қырҭтәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҟны.
Аԥхьатәи адгьылҵысра ҟалеит 11:07 сааҭ рзы, аепицентр - ақыҭа Гоми ақалақь Озургеҭи азааигәара. Аҩбатәи адгьылҵысра ҟалеит 11:21 сааҭ рзы аҳабла Бахмаро ашьхатә курорт иацәыхарамкәа.