Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 29,5 нызқьҩык еиҳахеит

Зымчхара 7,7, 7,6 иҟаз адгьылҵысрақәа ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы жәабран 6 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟалаз адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 29,5 нызқьҩык еиҳахеит, абри атәы аанацҳауеит Ҭырқәтәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аусбарҭа (AFAD).
Адгьылҵысра ашьҭахь асеисмологцәа иазгәарҭеит хышә рҟынӡа афтершок. Адгьылҵысра рнырит апровинциақәа жәаба, зегьы реиҳа ааха аиуит Шьамтәыла.
Аԥсны
Аԥснытәи аиқәырхаҩцәа Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рыцхыраара рыдыргалеит