Аԥсны

Аҟәа имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерт аҟны еизган 150 нызқь мааҭ инареиҳаны

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Аҳәынҭфилармониаҿ жәабран 11 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ааха зауз рыцхрааразы имҩаԥгаз агәыҳалалратә концерт аҟны еизган 150 нызқь мааҭ инареиҳаны ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз акультура аминистр Даур Акаҩба.
Арҭ аԥарақәа рҟынтәи 111 нызқь мааҭ аконцерт аҟны еизган, иаанхаз 40 нызқь мааҭ онлаин аашьҭрала еизган.
"Арҭ аԥарақәа рыла Аԥсны АҶА ҳареи, ихымԥадатәиу амаҭәахә аахәаны Ҭырқәтәылаҟеи Шьамтәылаҟеи иҳашьҭуеит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит ҳуааԥсыреи ҳтәыла асасцәеи ари аконцерт иаҭааз, ацхыраара ҟазҵаз зегьы", - ҳәа иҳәеит Ақаҩба.
Ҭырқәтәыла адгьылҵысрақәа раан иҭахаз рхыԥхьаӡара 29,5 нызқьҩык еиҳахеит
Зымчхара 7,7 иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла алада-мрагыларатәи ахәҭаҿы ашәахьа ашарԥазы. Иара уи аҽныҵәҟьа уа 7,6 иҟаз амч змаз даҽа дгьылҵысрак ҟалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла иҭахаз рхыԥхьаӡара 30 нызқьҩык рҟынӡа инаӡахьеит.
Адгьылҵысра иахҟьаны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи руааԥсыра ацхыраара ахьырзеизыргаша аҭыԥ аадыртит Аҟәа, Аԥсны АҶА аофис хадаҿы, (Аконфедератцәа рымҩа, 12). Дамаск иҟоу аԥсуа цҳаражәҳәарҭа цхыраагӡак аҳасаб ала 10 миллионк шьамтәылатәи алир (100 000 мааҭ инареиҳаны) аларгалеит.