Аԥсны

Аныҟәара уанеиԥхыӡуа: "Ашана" Анри Аргәын изы аԥареизгара хацнаркит

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" аԥареизгара хацнаркит ахәыҷтәы хшыбаҩтә даблеи аиџьратә тетрапарези змоу жәаф шықәса зхыҵуа Анри Аргәын шықәсыбжактәи ареабилитациа акурс дахысразы.
Sputnik
2022 шықәса алагамҭаз аҽыхәшәтәра иазхаша аԥара еизыргеит, аха алҵшәақәа рышьақәырӷәӷәарази аҷкәын илшарақәа рыцхраарази амоторикатә функциақәа реиӷьтәразы абаҩрҵәыратә комплекс изаамҭанытәиу акурс мҩаԥгатәуп. Ашықәс аҩнуҵҟа Анри иеиҭашьақәгылара иахәо абаҩрҵәырақәа ҟаиҵоит. Ахәыҷ-хымхәацәа рҭаацәа Рассоциациа анапхгаҩы Виолетта Гагәылиа илҳәеит абаҩрҵәырақәа Анри ихәоит, убри азы ирыцҵалатәуп ҳәа. Уи азы еизгатәуп 254 400 мааҭ. Ахәыҷы ацхыраара иҭашьа атәы еилышәкаар шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.