Аԥсны

Аслан Бжьаниа Лиудмила Гәымԥҳа лиубилеи лыдиныҳәалеит

Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп, аԥсуа культура ухахьы ишузаамго Лиудмила Гәымԥҳаи иналыгӡо лашәақәеи рыда.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа илыдиныҳәалеит 70 шықәса лхыҵра, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

"Жәлар рыбзиабара, разхаҵара, раҳаҭыр шәаԥсаны ишәыхҵоуп Аԥсны Жәлар рартист ҳәа аҳаҭыртә хьӡы. Шәара шәыԥшӡара, шәбаҩхатәра, шәпатриотизм, шәҟазшьа ҷыдарақәа аԥсуа ԥҳәыс лхаҿсахьазы иҿырԥшыгоуп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Аҳәынҭқарра ахада Лиудмила Гәымба илзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, лырҿиараҟны аизҳазыӷьареи аихьӡарақәеи.
Ашәаҳәаҩ лиубилеи лыдиныҳәалеит аԥыза-министр Александр Анқәаб. Иара иазгәеиҭеит ашәаҳәаҩ амилаҭтә естрадатә ҟазараҟны ллагала шырацәоу, илзеиӷьеишьеит ашықәс рацәа, ҿыцәаара зқәым лҟазараҟны аихьӡара ҿыцқәа.
Арадио
Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Лиудмила Гәымԥҳа лыԥсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи иазкны