Аԥсны

Аԥсни Китаии рыбжьара акультуратә еимадарақәа рыбжьаҵара иалацәажәеит

Ацҳаражәҳәарҭа аганахь ала аиԥылара иалахәын адипхаҭарнакра аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Нури Хәарцкиеи атәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы ицхырааҩ Станислав Қаџьаиеи.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 - Sputnik. Москва иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа аурыс-китаи агуманитартә усеицзура ацентр ахаҭарнакцәеи дареи реиԥылара еиҿыркааит ҳәа аанацҳауеит ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит Аԥсни Китаии рыбжьара акультуреи аҵарадырреи русхк аҟны аимадарақәа рыбжьаҵара. Иара убасгьы ҳтәылаҿы алекциақәеи амастер-классқәеи реиҿкаара.
Аганқәа алацәажәеит Китаи атәылауаа Аԥсны раҭаара аларшара.