Арадио

Аԥсны еицырдыруа ахьӡқәа: Лиудмила Гәымԥҳа лыԥсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи иазкны

Аԥсны жәлар рартист Лиудмила Гәымԥҳа жәабранмза 13 рзы иазгәалҭоит лиубилеи, ашәаҳәаҩ илхыҵит 70 шықәса. Дышԥаԥылои лара лирамш, аҟазарахь лымҩа зеиԥшраз, насгьы лықәра дышԥазнеиуа, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Sputnik
Даара саашьаҩуп, аха "ҳаит!" анырҳәа, сҩаҵҟьан сыҩуеит иага сгәалаҟазаара бзиамзаргьы ҳәа лҳәеит Лиудмила Гәымԥҳа арадиоефир аҿы. Убри аан иазгәалҭеит, аҵара бзиан ишылҵоз, амаҵура дуқәа соуеит ҳәа сазхәыцуан, мышкы зны сшәаҳәаҩхандаз ҳәа сыгәгьы иаанасмыргеит ҳәа лҳәеит аҟаза.
Лиудмила Гәымԥҳа еиҭалҳәеит, лҭаацәа аҟазара шырзааигәаз, лара лхаҭа ашәаҳәара дшалагаз.
"Мап зныкгьы сахьымхәеит. Ари са сзы ԥсҭазаарахеит", - ҳәа азгәалҭеит аҟаза аиҿцәажәараан.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.