Аԥсны

Аӡынтәи агьежьхарԥа зҵам амашьынақәа Риҵаҟа ихарыжьлом

Аԥкрақәа аус рулоит ашәахьа, жәабран 13 инаркны урҭ раԥыхразы аусдҵа ҷыда рыдыркылаанӡа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Аӡынтәи агьежьхарԥа зҵам амашьынақәа Риҵаҟа ихарыжьлом ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
"Жәабран 13 инаркны ашәарҭадаратә техника апҟарақәа ирықәымныҟәо Риҵатәи амилаҭтә парк ахь иҭарыжьлом", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ари аусдҵа хымԥадатәиуп Аԥсны атәылауааи асасцәеи рыԥсҭазаареи ргәабзиареи рыхьчаразы, амашәыр аԥырҟәҟәаразы. Аԥкрақәа аус рулоит урҭ раԥыхразы аусдҵа ҷыда рыдыркылаанӡа.
Ашәахьа, жәабран 13 ашьыжь Аԥсны асы ауит.
Аԥсны ААИ абжьгара ҟанаҵоит амҩатә ԥҟаррақәа ауааԥсыра еиларымгаларц.